Арадио

Ҳашыгԥҳа Аҟәа Аиааира амш азгәаҭаразы: есышықәса ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит

Аиааира амш аҳаҭыраз аҳҭнықалақь аҿы еиҿкаахо аусмҩаԥгатәқәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара акультура аусбарҭа аиҳабы Наала Ҳашыгԥҳа.
Sputnik
Аныҳәатә программа Аҟәа иалагоит цәыббрамза 22 рзы, Кьалашәыр аҳаблаҿы имҩаԥгахоит аконцерт ҳәа адырра ҟалҵеит Ҳашыгԥҳа.
"Ақьалақь аҩнуҵҟа иҳаԥшаауеит еиуеиԥшым аҭыԥқәа аныҳәақәа ахьазгәаҳҭо. Сынтәа Кьалашәыр абаӷәаза азалхын. Уа иқәыргылахоит асцена. Аконцерт шьақәгылоуп аинструменталтә гәыԥқәа рыла, реиҳараҩык ветеранцәоуп. Аконцерт ибзианы имҩаԥысып ҳәа сгәы иаанагоит, ақалақь ауааԥсыра, асасцәа зегьы ҳарзыԥшуп. Иара убас Аҟәа Ахақәиҭтәра амш азы Афилармониаҿы имҩаԥгахоит агәалашәаратә хәылԥазы. Есышықәса ари аусмҩаԥгатә ҳазнеиуеит ҭакԥхықәрала. Сынтәа иҟалоит аконцерт аҭоурых змоу ашәақәа рыла. Урҭ раԥҵара шыҟалаз атәы ҳалацәажәоит, иара убас ҿыц еиҭаҭаҩны ахәаԥшцәа ирыдаагалоит. Аусмҩаԥгатә асааҭ 17:00 рзы иалагоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҳашыгԥҳа.
Амза 30 рзы акультура аминистрра астадион аҿы еиҿыркаауеит аконцерт ду, аха ақалақь ахадара Аҟәа ашҭа ҳәа аусмҩаԥгатә аҽазыҟаҵара иаҿуп.
"Амза 30 асааҭ 14:00 инаркны Аҟәа ашҭаҿы иҟалоит акультуратә программа, афольклортә музыка, аԥсуа чысхкқәа, урҭ зегьы ргьама абара ҟалоит. Акрыфарҭақәа асасааирҭақәа зегьы ргәацԥыҳәаны аус аиҿкаара иаҿуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҳашыгԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.