Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Қәҭелиа шәҵатәылеи арҵага шәҟәқәеи рыла аҵаҩцәа реиқәыршәара иазкны

Sputnik
Аҭаацәа ахшара рацәа ахьыҟоу рыбжьара 600 комплект ашколтә шәҵатәы рызшоуп. Уи изҭахны иҟаз иахьынӡарыхьӡаз, ашәҵатәы рызшара шеиҿкааз, насгьы ашколхәыҷқәа арҵагашәҟәқәа рыла иахьынӡеиқәшәоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ауаажәларра рымадаразы Аԥсны аҵара аминистрра аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.