Аԥсны

Урыстәыла атәылауаҩ Гагра амшын аҿы дӡааҟәрылеит

Иванова ақалақь анхаҩы иԥсыбаҩ рбеит Аԥсны АҶА аусзуҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩ Игорь Риабчиков Алаҳаӡы ақыҭа иахьаҵанакуа амшын аҿы дӡааҟәрылеит цәыббра 17 ашьыжь, абри атәы аарыцҳаит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
51 шықәса зхыҵуа ахаҵа зыԥсы ицызшьоз иуацәа цәыббра 17 ашьыжь АҶА ахь идҵаалеит.
Аиқәырхаҩцәа амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит. Асааҭ 12:00 рзеиԥш аӡхәыҵалаҩцәа уи иԥсыбаҩ рбеит.