Арадио

Ақыҭа-нхарҭа ҭыԥуп: Арџьениаԥҳа Лыхны ашҟа илымоу абзиабареи уа лыԥсҭазаашьеи ртәы

Иахьа ақыҭаҟны аԥсҭазаара шеиҿкаау, ахныҟәгаразы лшарақәас иҟоу, уадаҩрас анхаҩы иԥынгылоу, лнаплак маҷ иарбан аалыҵу иҭнажьуа атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Лыхны ииз-иааӡаз, уаҟа аҭаацәара аԥызҵаз арҵаҩы Татиана Арџьениаԥҳа.
Sputnik
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.