АҞӘА, цәыббра 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭатәи авокзал ахаҿра дырԥшӡоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира амш аламҭалаз ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит "Аԥсныеихамҩаҿ".
Аусбарҭаҿ ирҳәеит ахыбра шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара шакәым излацәажәо. Уи ахарџь дуны изҭаху усуп. Уажәазы икыдыҷҷаны иахьыҟоу зегь кыдыршәшәаны идыриашоит, иаакәыршаны иршәуеит. Уи адагьы авокзал аҵакыраҿы аиҿкааратә усурақәа мҩаԥгахоит.
Ииасыз аԥхын алагамҭаз ахыб ҿыцны ирыԥсахит.
Гәдоуҭатәи аихамҩатә аангыларҭа ааглыхратә хархәарахь ирыҭан Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду анцоз, 1944 шықәсазы. Авокзал, Аԥсны егьырҭ ангыларҭақәа реиԥш, иргылан сталинтәи ампир астиль ала. Агәашьақәа, ахыргьагьақәа, авитражқәа рыла ирԥшӡоуп.
Аҵыхәтәатәи 30 шықәса рыҩнуҵҟа авокзал акыр еилаҳаит. Иахьазы ахархәара зырҭо авокзал ахәҭак ауп.