Арадио

Квинаӡе аибашьра дшалагылаз азы: сыла ашьа хын, сашьазаҵә ида аҩныҟа сызнеиӡомызт

"Агәымшәараз" амедал занашьоу Мзиа Квинаӡе арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аибашьра дшалагылаз атәы, дызлаз аԥшыхәцәа ргәыԥ инаныгӡоз адҵақәа ртәы, насгьы Егрынӡа днаӡар, лажәа шыналыгӡо азы.
Sputnik
Мзиа Квинаӡе аусураҿы дыҟан аибшьара иалагеит ҳәа анлаҳа. Лара лашьазаҵә агвардиа далан аҟынтә иаразнак ишиԥхьоз лдыруан, аҩны дааины лҽааԥсахны иԥшаара дцеит. Аибашьра раԥхьатәи амшқәеи анаҩси ртәы аицәажәараҿы дазааҭгылеит.
Мзиа аԥшыхәцәа ргәыԥ далан. Урҭ мызкы аурысцәа иазыҟарҵон, анаҩс адҵақәа рынагӡарахь идәықәырҵеит. Илхамшҭуа хҭысны иаанхеит Аҳбҩықә агара.
"Раԥхьа ихалараны иҟаз абаталион аԥхьа ҳара ҳнеит. Ҳаиҿанажьит. Ҳхы ҳзалгоит ҳәа сыҟаӡамызт. Раиса Кәыркьба дхәуп ҳәа рациала иансаҳа, сшәара схашҭит. Қыҭак ҳаицатәын, ҳаизааигәан. Сеихеит уахь. Сара саннеи агәыр ерманык илалҵахьан, лара аԥсхыхра даҿын", - ҳәа еиҭалҳәеит Мзиа.
Аветеран лирамш хәажәкыра 16 рзы иҟоуп, аибашьра ашьҭахь иазгәалҭаӡомызт.
"1998 шықәсазы аусураҿы сыштәаз аҷкәынцәа еизаны рышәҭқәа рыманы агәашә ианҭала ахаан исхашҭуам. Аԥсны абираҟ ахазыргылаз сара сакушәа збеит", - ҳәа илгәалалыршәоит лыбжьы ҵысуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.