Урыстәыла

Роспотребнадзор акоронавирус ахк ҿыц "Пирола" "Омикрон" аасҭа иҿкуп ҳәа аанацҳауеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Акоронавирус ахк ҿыц "Пирола" уаанӡатәи "Омикрон" ахкқәа ирҿырԥшны аҽеиҭакрақәа еиҳа ирацәаны иамоуп, еиҳа иҿкуп ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭарҳәеит Роспотребнадзор апресс-маҵзураҿы.
"Акоронавирус ахк ҿыц "Пирола" (BA.2.86) уаанӡатәи "Омикрон" ахкқәа ирҿырԥшны аҽеиҭакрақәа еиҳа ирацәаны иамоуп, еиҳа иҿкуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Убри аан, аусбарҭаҿ иазгәарҭеит Китаии Швециеи имҩаԥгаз алабораториатә ҭҵаарақәа рылҵшәақәа шаҳаҭра шыруат ари ахкы рацәак иҿкымзар ҟалоит, уаанӡа аҵарауаа ишырҳәоз аиԥш аиммунтә хьчара ахы аҵнагом, "Омикрон хынҳәит" ҳәа узазҳәом ҳәа.