Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра азгәаҭара Гал рышҽазыҟарҵо, аныҳәа ишаԥыло атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Џьамбул Кәартаа.
Иара иҳәеит Гал араион ахада инапхгарала аныҳәа азгәаҭаразы акомиссиа шеиҿкаау.
“Асааҭ 10 рзы араион активи ашколхәыҷқәеи абаҟаҿы ашәҭқәа шьҭарҵоит, анаҩс асааҭ 11 рзы асахьаҭыхратә цәыргақәҵа еиҿкаахоит. Аныҳәатә программа асааҭ 17 инаркны иалагоит, Гал иҟоу аколлективқәа, ашәаҳәаҩцәа, акәашаҩцәа ықәгылоит. Асасцәа ааԥхьара раҳҭоит. Аконцерттә программа, ахәылԥаз, анаҩс ирхиахоит аишәа, иазгәаҭоуп асалиут,”- иҳәеит Џьамбул Кәартаа.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.