Урыстәыла

Ҟрымнтәи Адлерҟа есҽны адәыӷба бжьалоит

Урыстәыла аҩнуҵаҟа зегь раасҭа аԥсшьацәа зҭаауа ҭыԥуп Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацә акурортқәеи.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 19 - Sputnik. Ҟрым ишьақәнаргылоит есыҽны Адлерҟа адәыӷба абжьалара ҳәа аанацҳауеит Ҟрым Акурорти атуризми аминистрра апресс-маҵзура.

Ҟрымнтәи Адлерҟа есҽны адәыӷбақәа рныҟәара иалагоит. Раԥхьатәи адәыӷба Симферопольнтәи аара азгәаҭоуп жьҭаара 3 рзы, Адлернтәи - жьҭаара 4 рзы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ҟрым Акурорти атуризми рминистр иажәақәа рыла, ас еиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит атуристцәа ирыбзоураны.