Арадио Sputnik астудиаҿы адырраҭара "Зхьышьҭра змырӡыз" аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳрыҿцәажәоит зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа. Дара еиҭарҳәоит урҭ рабацәеи рабдуцәеи ирыԥсҭазаашьаз, рразҟы зыӡбоз ахҭысқәа шыҿиоз, иахьа уажәраанӡа рхылҵшьҭрақәа знысуа амҩа.
Иауз Ахба нхара ҳәа Аԥсныҟа дааит 2012 шықәсазы.
"Зныкгьы сызхааи сҳәо сҟамлацт. Сыжәлантәқәеи саншьцәа Аҭрышааи сыцхрааит, хәымыз сҭынхацәа рҟны сыҟан", - иҳәеит Ахба.
Шәахәаԥш Sputnik арадиостудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.