Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Ареспублика Амш идиныҳәалеит

Цәыббрамза 20 1990 шықәса рзы Аахыҵ Уаԥстәылатәи автономтә област Жәлар рдепутатцәа рхеилак иаднакылеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи асовет демократиатә республика аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев идиныҳәалеит Аахыҵ Уаԥстәы Ареспублика ашьақәыргылара 33 шықәса ахыҵра аныҳәа. Абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит арҭ ашықәсқәа рзы ареспублика анапхгара қәҿиарала еиуеиԥшым ауадарақәа ишыриааиуаз, Аԥсадгьыл абзиабареи уи аҿаԥхьа ауалԥшьа иаша анагӡареи шаҳаҭра руа.
"Агәра ганы сыҟоуп ҳаиашьаратә республика Аахыҵ Уаԥстәыла аԥхьаҟагьы ишыҿиало ишышәҭыкакаҷло, уи атәылауаа рзы иреиӷьу аҭагылазаашьақәа шаԥнаҵало. Сара гәыҩбара сымам ҳара ҳаизыҟазаашьақәа наҟ-наҟ рыҽшдырҭбаало ҳаҩреспубликак ирыхәаша аусқәа рҟны", - иҳәеит ахада.
Аԥсны ахада Алан Гаглоеви аахыҵуаԥстәылааи ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, ашәҭыкакаҷра, аизҳазыӷьара.