Урыстәыла

Ермантәыла Арбџьармчқәа Ашьха Ҟарабах аанрыжьуеит

Ашьха Ҟарабах игылоу Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рконтингент абжьаҟазарала асааҭ 13.00 инаркны ахымца аанкыларазы аиқәшаҳаҭра иазнеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20 – Sputnik. Иалыршахаз аиқәшаҳаҭрақәа рышьаҭала Ермантәыла Арбџьармчқәа Ашьха Ҟарабах аанрыжьуеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Армения.

"Аҭыԥантәи абџьар зку аиҿкаарақәа рабџьархыхразы" акоординациа мҩаԥыргоит урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа.

Азербаиџьан ахада Иусбарҭа иаанацҳауеит уаҵәы, цәыббра 21 азы Евлах ақалақь аҿы ишымҩаԥгахо Ашьха Ҟарабах инхо аерманцәа рԥылара. Уа ирылацәажәараны иҟоуп еиуеиԥшым азҵаарақәа.
Ашьха Ҟарабах аҵакыраҿы Азербаиџьан злагаз атеррористҿагыларатә операциа ҩаха-ҩымшуп ицоижьҭеи. Ашьха Ҟарабах игылоу Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рконтингент абжьаҟазарала цәыббра 20 асааҭ 13.00 инаркны ахымца аанкыларазы аиқәшаҳаҭра иазнеит.
Урыстәыла
Ашьха Ҟарабах амца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит