АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Ермантәыла аԥыза-министр Армении Никол Пашиниан аҳәамҭа ҟаиҵеит Ереван иазеилкаауам Ашьха Ҟарабах аҵакыраҟынтә Ермантәыла АМ ралгаразы апунктқәа ирыҵаркуа ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аԥыза-министр ателехәаԥшрала иқәгылара ҵаҵӷәыс иганы.
"Иазгәаҭоуп Ашьха Ҟарабах аҵакыраҟынтәи Ермантәыла Арбџьар мчқәа инханы иҟоу алгатәуп ҳәа. Ари ҳара иныҭкааны иаҳзеилкааӡом, избанзар ҳара изныкымкәа аҳәамҭа ҟаҳҵахьеит 2021 шықәса жьҭаарамзаахыс Ермантәылатәи Ареспублика ар Ашьха Ҟарабах иҟам ҳәа", - иҳәеит аԥыза-министр ателехәаԥшрала иқәгылараҿы.
Пашиниан иҳәеит ареспублика иадҳәаланы Ермантәыла аӡбахә аҳәара иаанаго аоперациа Ереван алархәра хықәкыс иамоуп ҳәоуп ҳәа.
Ашьха Ҟарабах амца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит. Аиқәшаҳаҭра алыршахеит урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рнапхгаҩцәа рыбжьаҟазара иабзоураны. Уи амч аиуит ахаша, цәыббра 20 асааҭ 13:00 инаркны.
Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Ермантәыла АМ Ашьха Ҟарабах аҵакыра нрыжьроуп, урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рхархәарала абџьар зку аерман еиҿкаарақәа рабџьар рхыхтәуп.