АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Кремль Ашьха Ҟарабах иаалырҟьаны иҟалаз аҭагылазаашьа агәҭынчымра азцәырнагоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.
"Аиашаз, Ҟарабах имҩаԥысуа, иаалырҟьаны иҟалаз аҭагылазаашьа агәҭынчымра ҳазцәырнагоит", - ҳәа реиҳәеит иара ажурналистцәа.
Песков иазгәеиҭеит урыстәылатәи арратә мчрақәа аганқәа х-ганктәи аиқәшаҳаҭра шьаҭаны измоу аполитика-дипломатиатә мҩа иақәырҵарц рыҽшазыршәо.
Азербаиџьан "аконституциатә ҭагылазаашьа аиҭашьақәыргылараз" аоперациа иалагеит Ашьха Ҟарабах цәыббра 19 рзы.
Аусбарҭаҿы ирҳәеит ар хықәкыс ирымоу - ермантәылатәи арратә ргыларақәа шракәу. Ереван арҭ ахҭысқәа агрессиоуп ҳәа рхырҳәааит, инаҵшьны иазгәарҭеит Ҟарабах ермантәылатәи аруаа шгылам.