Акоронавирус ахк ҿыц "пирола" уаанӡатәи ахкқәа ирҿырԥшны иаҳа лассы аларҵәара амоуп ҳәа азгәарҭеит Роспотребнадзор аҿы. Уи ахк ҿыц Франциа нанҳәамзазы ашәҟәы иҭаргалахьан, анаҩс Америкатәи аштатқәа, Израиль, Даниа, Британиа ду, Лада Африкатәи атәылақәа рҟны. Урыстәыла аофициалла пирола макьана ашәҟәы иҭагалам.
Зыӡбахә ҳаҳауа ковид ахк ҿыц Аԥсны макьаназы ишьақәырӷәӷәамзаргьы, акоронавирус азы аҳақьымцәа ирыдҵаало ыҟоу иҟаму, аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа.
"Аковид ԥаса иҟаз ахкы омикрон еиԥш имҩаԥысуеит макьана, асезонтә чымазарақәа иреиԥшхо иалагеит. Пирола хәыҷык даҽакала ахы мҩаԥнагоит, ҳара ҳҟынӡа имааӡацт ҳәа сгәы иаанагоит. Уи иароуп ҳәа ҳазҳәо макьана атест-системақәа ҳамаӡам, аха хара имгакәа иҳауазар акәхап. Уажәы аковид чымазара анаҩс иҟоуп аимҳәаршәаа, агәыҵәкра, иҟоуп абжьааԥнытәи асезонтә чымазарақәа", - лҳәеит Арҷелиаԥҳа.
Аҳақьым иазгәалҭеит аковид ԥасеиԥш арԥҳа иаԥырхаганы, иуадаҩны изхызго ачымазцәа ааигәа ишрыдымҵаалац.
"Уажәтәи аковид ашьа иаԥырхагаӡам ԥасеиԥш. Усҟан иҟан ашьаҭашәра, ихалон D-димер, апротромбин. Уажәы иҟоу ахкы, анцәа иҟынтә, ауаҩы иԥырхагам, аха агәыхь, арԥҳа, аҷаҷа чымазарақәа змоу аҳақьым иахәҭоуп ҳәа ззиԥхьаӡо анализқәа ҟарҵароуп. Ауаҩы ичымазарақәа дырны аҳақьым ихы иирбароуп. Ари омикрон аангьы хәымш-фымш ршоура анхало ыҟоуп, уи анымтәалак ахәшә гәарҭак ржәуеит, рыца иаԥырхагаханы ашьа дәықәлар ауеит. Убри аҟынтә аҳақьым ида ахәшәқәа рыжәра иахәҭам ҳәа сгәы иаанагоит", -лҳәеит атерапевт хада.
Лара иазгәалҭеит аковид змоу ауаа рхыԥхьаӡара уажәы иаҳа иацлеит ҳәа. Ари амзазы 90-ҩык рҟынӡа аковид шрымоу шьақәырӷәӷәоуп абактериалтә лабораториаҟны, лҳәеит Арҷелиаԥҳа.
"Ухы уақәгәыӷны аҩны утәар ҟалаӡом "шоурак соуит, ак шԥасыхьри" ҳәа. Аковид даара алеишәа цәгьоуп. Иахьа ибзианы ихыигоит ауаҩы, аха уаҵәы сааҭк ала деицәахар ауеит. Убри аҟынтә аҳақьым ихы иирбароуп", - лҳәеит А рҷелиаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.