Кәтол иҟоу Ачаа рхатә ӡахәаҭра аҩыҟаҵаҩ Аслан Ачба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәатәи рҽаҩра зеиԥшрахаз, рқәаҵа аҭоурых, амҽхак, ирааӡо ажь хкқәа, ақыҭаҟны иргылахо азауад атәы.
Ақәоурақәа сынтәа ажь аҽаҩра ԥырхага анаҭеит, убасгьы ианаамҭаз ахәшәтәра залшомызт, ачымазара шьҭнахит, иҳәеит Ачба. Иара иажәақәа рыла, иззыԥшыз аҟынтәи 70 % рҟынӡа аҽаҩра роуит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.