Аԥсны

"Дцон аԥҳәызба еибашьра": Ирма Шәқьериаԥҳа еиҭалҳәеит Егры ацҳаҿы Аиааира дшаԥылаз

Sputnik
Ирма Шәқьериаԥҳа еиҭалҳәеит лашьазаҵә Марттәи ажәылараан хабарда данбжьаӡ ашьҭахь, Аза Гәынԥҳа-Агәмааи лареи амедицина-санитартә баталион ахь ишцаз, ҳаибашьцәа ацхыраара рыҭаразы. Сара сзы еиҳараӡак ицәгьаз хҭысны иаанхоит Аҟәа ахақәиҭтәра амшқәа ҳәа еиҭалҳәеит аибашьра аветеран.
"Аиааира ҳаԥылеит Егры ацҳаҿы ҳаҷкәынцәа рашәаҳәаралеи рыкәашаралеи. Ҳарԥарцәа аибашьра аналага инаркны инҵәаанӡа ирдыруан аиааира шаҳгоз", - лҳәеит Шәқьериаԥҳа.
"Дцон аԥҳәызба еибашьра" абас ахьӡуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз арадио Sputnik ихацныркыз апроект. Араҟа аибашьра мҩа ианысыз аҭыԥҳацәа рҭоурыхқәа еиҭарҳәалоит.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.