АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Аԥсны алагарҭатә классқәа рҿы аус зуа аурыс бызшәа арҵаҩцәа рзы ҩымштәи алектори аатит Аҟәа Москва Аҩнаҿы.
Москва Аҩны адиректор иабжьгаҩ Борис Наҟоԥиа иазгәеиҭеит Аԥсны шамахамзар аурыс бызшәа зегьы ишырдыруа.
"Ашколқәа рҿы амаҭәар хадақәа аурыс бызшәалоуп ишырҵо. Аԥсны Урыстәылеи Аԥсни ркультура-рҵаратә ҵакыра аԥҵоуп уҳәар ауеит. Ари иаҳнаҭоит алшара еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны аусеицура", - ҳәа иҳәоит Наҟоԥиа.
Москватәи Аџьынџьуаа рыҩны аиҿкаара аҟәша аиҳабы Мариа Шапина иазгәалҭеит Москва акультура-рҵаратә уснагӡатәқәа азхьаԥшра ҷыда шырнаҭо, аурыс бызшәа аҵареи арҵареи рзы. Алектори иалахәуп Аҟәеи Аԥсны егьырҭ ақалақьқәеи рҟны аус зуа аурыс бызшәа арҵаҩцәа 50-ҩык рҟынӡа.
Ауснагӡатә апрограмма иазԥхьагәанаҭоит арҵаратә литература алацәажәара, Москватәи арҵаратә университети Урыстәыла аҵара аминистрреи рҟазауаа рҟынтәи аҟазаратә-классқәа рымҩаԥгара, апрактикумқәа рымҩаԥгара.