Аԥсны

Ҟазахсҭан атәылауаҩ 15 шықәса иқәырҵеит Аԥсны анаркотикқәа ахьалаирҵәоз азы

Сергеи Суриадныи дааныркылеит сынтәа, ԥхынгәымзазы Аҟәа хыԥхьаӡара рацәала анаркотикқәа алаирҵәон ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Ҟазахсҭан атәылауаҩ Сергеи Суриадныи зрежим ӷәӷәоу ариашаратә колониаҿы 15 шықәса ахгареи 600 000 мааҭ ахараԥса ашәареи иқәырҵеит Аԥсны анаркотикқәа ахьалаирҵәоз азы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АдәАР апресс-маҵзура.
Сергеи Суриадныи ахара ихараҵан Аҟәа анаркотикқәа рацәаны иалаирҵәоит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны. Иара идырбалеит 59,138 грамм амефедрон.
Суриадныи азыӡба азакәаншьаҭа аиуаанӡа ахара ихароуп ҳәа дыԥхьаӡам.
Сергеи Суриадныи дааныркылеит сынтәа, ԥхынгәымзазы Аҟәа хыԥхьаӡара рацәала анаркотикқәа алаирҵәон ҳәа. Иара идырбалеит амефедрон згәылаз 60 еилаҳәара. Даҽа ԥшь-маӡа ҭыԥк ҟаиҵахьан Синоп.