Аԥсны

Гагра ахәҭак ӡыда иаанхоит цәыббра 22-24 рзы

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Гагра ахәҭак ӡыда иаанхоит цәыббра 22 инаркны цәыббра 24 шьыжьымҭанынӡа, абри атәы аанацҳаит ақалақь "Аӡыршьҭра".
Ӡыда иаанхоит Абазгаа рымҩаҿы игылоу аҩнеихагылақәеи аҳабла маҷ "Кемпинги".
Аӡы ҟалаӡом ақалақь ӡыла еиқәзыршәо аӡҭарчы иҭагылоу аԥырак ахьбжьысыз иахҟьаны.