Аԥсны

Толстои: Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхәыҷқәа уаҵәы аԥсҭазаара лаша рзаԥырҵар рылшоит

Урыстәыла иҟоу Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыцҳаражәҳәарҭақәа Москва еиҿыркааит ареспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра иазкны аныҳәатә дкылара.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхәыҷқәа уаҵәы аԥсҭазаара лаша рзаԥырҵарц алшара рымоуп ҳәа иҳәеит ахәылԥаз аҿы Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Пиотр Толстои.

"Агәра згоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхәыҷқәа уаҵәы аԥсҭазаара лаша рзаԥырҵарц алшара шрымоу. Ари ҟаларц ҳара зегьы ҳҽазаҳшәоит", - иҳәеит Толстои.

Зыԥсҭазаарақәа ахьыԥшымра иахҭнызҵаз ргәалашәара камшәароуп ҳәа иҳәеит адепутат.
Урыстәыла АдәАР ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин иажәақәа рыла, СССР анеилаҳауаз Қырҭтәыла анапхгара ҿыц Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рзинқәа зегь ҿарҟәеит, анаҩстәи рхымҩаԥгашьа арҭ ажәларқәа аҟазаареи аҟамзаареи ирыбжьадыргылеит.
"Қырҭтәыла бџьаршьҭыхлатәи агрессиа иахҟьаны аҿагылара ҟаҳҵар акәхеит. Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра ахьазханаҵаз ҳажәларқәа аханатә ирымаз агәаҳәара назыгӡоз усхеит", - иҳәеит Галузин.
Нанҳәа 26, 2008 шықәсазы Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит. Уи аԥхьа, нанҳәа 8 рзы, Цхинвал иажәлаз Қырҭтәыла мчыла аҭынчра азаагаразы аоперациа мҩаԥган.