АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ҩба Амшын еиқәа аҵакыраҿы икарыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Аҳауаҽацәыхьчаратә мчрақәа рыҷаԥшьаратә хархәагақәа Ҟрымтәи адгьылбжьаха алада-мрагыларатәи ахәҭаҿи Тҟәаԥстәи араион аҿи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ҩба карыжьит", - ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҟны.
Иазгәаҭоуп адронқәа аҳаирплантә ҟазшьа рымоуп ҳәа.