Аԥсны

Ашахматасҩы Сергеи Кариакин Аҟәа иԥылеит

Сергеи Кариакин - иласу ашахматқәа рзи аблиц ази адунеи ачемпион, аклассикатә шахматқәа рзы авице-чемпион, Адунеи Ахраҿа иаиааихьоу.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Карпов ихьӡ зху аҟәатәи ашахматтә школ аҿы жәларбжьарати агроссмеистер, урыстәылатәи ашахматасҩы Саргеи Кариакин иԥылеит.
Аԥсны Ашахмат афедерациа ахада Константин Ҭыжәба иазгәеиҭеит Кариакин аҿар апатриотизм рылааӡарагьы инапы шалаку.
"Иара Адунеи ачемпионразы ахәмарра мап ацәикит, избанзар иҭахымызт итәыла абираҟ имамкәа ақәгылара. Иара иеиԥш урыстәылатәи ашахматасыҩцәа рахьтә аӡәгьы уи аҩыза изымгәаӷьит", - иҳәеит Ҭыжәба.
Кариакин иакәзар, еизаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит, иагьазгәеиҭеит ашахматтә школ дарбанзаалак ааӡамҭа имоуп алшара аспорт ду аҿы ахаарԥшразы. Насгьы иҳәеит уажәазы ирласны дцар шакәу, аха наҟ-наҟ Аҟәа ашахматтә турнир ду амҩаԥгара ишазхәыцтәу.
Анаҩс, аделегациа аҳҭнықалақь аԥшаҳәахьы идәықәлеит. Акаҳуажәырҭа "Брехаловка" аганаҿы Кариакин знык ала 13-ҩык аԥсуа шахматасыҩцәа ҿарацәа дрыцыхәмарит.