Арадио

Зыҷкәынцәа ҭахаз аветеран Аза Гәынба-Агәмаа: аибашьра иалахәыз аҿар патриотцәа ӷәӷәан

Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы арадио Sputnik аефир ала ицоит адырраҭара "Дцон аԥҳәызба еибашьра". Уи рызкуп аибашьра мҩа ианысыз аҭыԥҳацәа, аҳәса.
"Агәымшәаразы" амедал занашьоу Аза Гәынба-Агәмаа еиҭалҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра лалахәхара шыҟалаз, лыҷкәынцәа рҭахара анаҩс аԥсҭазаара дшазыҟаз, иахьа лгәыӷра бзиақәа здылҳәало атәы.
Аибашьра ианалага амш аҽны Аза Гәынба-Агәмаа лԥеиҳабы Асҭамыри лабхәында иҷкәын Ельмари (Аԥсуа гвардиа далан - азгә.) Ацҳа ҟаԥшь ахь ицеит. Лыҷкәын еиҳабы Асҭамыр 19 шықәса ихыҵуан, лԥеиҵбы Леон 16 шықәса. Жьҭаарамза 1992 шықәсазы Леон дҭахеит Гәымсҭа ахырӷәӷәарҭаҟны, уи ашьҭахь Аза Гәынба-Агәмаа лыҷкәын иқә-иҵас ҟаҵаны амедицина-санитартә баталион далалеит. Аза лԥеиҳабы Асҭамыр Агәмаа дҭахеит Аиааира аамш шагыз -цәыббра 22 рзы. Аза лашьеиҵбы Славик Маџьыҭ-иԥа Гәынбеи лыҷкәын Асҭамыр Агәмааи цәыббра 23 рзы ҽнак анышә иамардеит. Лашьа еиҵбы Славик аибашьра ианалагоз Урыстәыла дыҟан, ихатә ус иман. Иԥсадгьыл ашәарҭара ду ианҭагыла, ахьчара дааит, ихгьы ақәиҵеит.
"Ҳгәы зланаҳкылоз рыԥсадгьыл рхы ахьақәырҵаз ауп. Уаанӡа аӡәы ихәыҷы данԥсуаз уамашәа избон "адәы дызлақәи" ҳәа. Сара ҩыџьа анышә иасҭеит, сашьеиҵбагьы, аха адәы сықәуп, ицәгьоуп, хымԥада. Сыӡӷабцәа хҩык ыҟан, аха уи аамҭазы аӡәгьы дысҭахымшәа сыҟан, аԥсҭазаарагьы сҭахымызт", - ҳәа лгәалалыршәеит Аза Гәынба-Агәмаа.
Лара иазгәалҭеит Аԥсны аибашьра иалахәыз аҿар аԥсадгьыл ахь абзиабара ду шрылаз.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.