Аԥсны

Шәаҳәаран, кәашаран: афестиваль "Аԥсны" Москва

Аԥсуа культура аԥшьбатәи афестиваль "Аԥсны" москватәи абаҳча "Ермитаж" аҿы иаатит амҽышаҽны, цәыббра 24 рзы.
Sputnik
Аԥсуа шҭаҿы асасцәа ирылшоит ишәаҳәар, икәашар, аԥсуа чыс агьама рбар, амузыкатә инструментқәа рҿы ихәмарыр, анапҟазаратә павилионқәа (ажьиратә, акыцӡратә) рзы иаҭаххаша амаругақәа шаздырхио, аҟазауаа ишыддырбо атрадициатә аалыҵқәа рыҟаҵашьа. Асцена хадаҿы иқәгылоит арҿиаратә коллективқәа. Иара убасгьы апрограммаҿ — кавказтәи аиога, анардқәеи ашахматқәеи рзы аиндаҭлара, ашәҟәытә џьармыкьа, ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа.
1 / 13

Урыстәыла аҳҭнықалақь Москва иахьа аԥсуаа аԥшәмара ркын.

2 / 13

Аԥсуа культура аԥшьбатәи афестиваль "Аԥсны" москватәи абаҳча "Ермитаж" аҿы иаатит

3 / 13

Еизаз асасцәа рацәан.

4 / 13

Аԥсуа шҭаҿы асасцәа ирылшоит ишәаҳәар, икәашар, аԥсуа чыс агьама рбар...

5 / 13

...анапҟазацәа рнапкымҭақәа рыхәаԥшра...

6 / 13

...аԥсуаа рҵасқәа рқьабызқәа еилыркаарц...

7 / 13

Еиуеиԥшым ахәмаррақәа рзеиҿкаан хәыҷи-дуи.

8 / 13

Аԥсуа культура афестиваль аиԥш зеиԥшу ыҟаӡам.

9 / 13

Иара ԥшьынтәуп Москва имҩаԥыргоижьҭеи.

10 / 13

ахыци-ахәымпали рыла ахысшьа ддырҵон.

11 / 13

аҟазауаа ишыддырбо атрадициатә аалыҵқәа рыҟаҵашьа.

12 / 13

Асцена хадаҿы иқәгылоит арҿиаратә коллективқәа.

13 / 13

Иара убасгьы апрограммаҿ иазгәаҭан кавказтәи аиога, анардқәеи ашахматқәеи рзы аиндаҭлара, ашәҟәытә џьармыкьа, ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа.