Аҟәа имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Ауаажәларратә мчра: аиҿкаареи аусуреи ауадаҩрақәа". Аусмҩаԥгатә еиҿкаан Аиааира амшныҳәа 30 шықәса ахыҵреи Аԥсны ахьԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара аиуеижьтеи 15 шықәса аҵреи рыхьӡала. Аконференциа алахәыла, ААУ ашьаустә зини апроцесси ркафедра арҵаҩы, Ростовтәи аҳәынҭқарратә аекономикатә университет азиндырратә факультет аспирант Ефрем Ҳагба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аҵарауаа ҿарацәа ас еиԥш аконференциа ирнаҭо, иажәахә зызкыз, лкаас иҟаиҵаз.
"Жәларбжьаратәи аҵаратә еилазаарақәа рышҟа Аԥсны макьана инарышьҭӡом ҳастатус инамаданы. Ас еиԥш аконференциақәа алшара ҳарҭоит дара рышҟа ҳзымнеиуазар, ҳара ҳахь рааԥхьара. Аӡәы Белоруссиантә, егьи Ҟазахсҭанынтә дааргартә алшара ыҟан, анаҩс дара ахьнеиуа Аԥсны иалацәажәап, аӡбахә иаҳа еилыркаап, аибашьра, аидыслара анаҩс аҳәынҭқарра аргылара ҳшаҿу раҳап, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа шеиқәшәоу, аҭынч ԥсҭазаараҿгьы аиааира агара шҳалшо. Ас еиԥш аконференциа амҩаԥгара, асасцәа рааԥхьара аҵакs дууп ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Ҳагба.
Иара иазгеиҭеит, аҵарауаа ҿарацәа ас еиԥш аконференциа алшара шырнаҭо ауаа рҿаԥхьа иқәгыларазы аԥышәа, убасгьы егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи рколлегацәа аиҳабацәа, аҵараҟны аихьӡарақәа аазырԥшхьоу, аҭҵаарадырра знапы алаку рдырра, аизыҟазаашьақәа рырҿиара, ражәахәқәа аусумҭа аҳасбала еиқәыршәаны ркьыԥхьра.
Аҵарауаҩ ҿа иҳәеит, адунеитә шьақәгылашьа ҿыц аҟны Аԥсны ҭыԥс иааннакылар иаҭаху азы, аконференциа алахәцәа рызҵаара, макьана аҭак амамшәа шибо.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Аконференциа еиҿыркааит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аекономикеи азини ринститут, Анапхгараҭаҩцәа рмилаҭтә ассоциациа, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра – Аԥсны ахада иҟаиҵаз адгыларала.