Бармышь инхо Наҭелла Ебжьноуԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҩны зхала иаху аԥҳәыс лнапы злаку, иахьа лқыҭауаа ирыԥсҭазаашьоу, лҭаацәа ақалақьи ақыҭеи рҿы рынхашьа шеиҿкаау, иахьатәи аҿар рааӡашьазы лгәаанагара лҳәеит.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.