Урыстәыла

Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа Ашьха Ҟарабах инхо 300-ҩык рҟынӡа Ермантәылаҟа иахыргеит

Аҩаша, цәыббра 19 рзы Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах ареспублика иахьаҵанакуа "ҭыԥ-ҭыԥла атеррористҿагыларатә операциа" иалагеит, урҭ хықәкыс ирымоуп аконституциатә мчра аиҭашьақәыргылара.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа Ашьха Ҟарабах инхо ауааԥсыра 311-ҩык атәыла иалганы Ермантәылаҟа иргеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Иааидкыланы абжьаҟазаҩцәа имҩаԥыргеит хә-автобуски 41 ак ахатәы автомашьынеи. 311-ҩык аҭынчуааԥсыра ахыгоуп, урҭ рҟынтәи 102-ҩы хәыҷқәоуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аусбарҭа иазгәанаҭоит урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рнапы иану аус шынарыгӡо Степанакерти Бақәеи рыбжьара аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы, ашьакаҭәара алмыршаразы, аҭынч уааԥсыра рыхьчаразы.
Аҩаша, цәыббра 19 рзы Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах ареспублика иахьаҵанакуа "ҭыԥ-ҭыԥла атеррористҿагыларатә операциа" иалагеит, урҭ хықәкыс ирымоуп аконституциатә мчра аиҭашьақәыргылара.
Ашьха Ҟарабах ахымца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Ермантәыла.
Аиқәшаҳаҭра алыршахеит урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рнапхгаҩцәа рыбжьаҟазара иабзоураны. Уи амч аиуеит ахаша, цәыббра 20 асааҭ 13:00 инаркны.