Аԥсны

Аиааираз ихадоу ашьаҿа: Аҟәа ахақәиҭтәра амш

Sputnik
Цәыббра 27, 1993 шықәсазы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар рҟынтәи Аҟәа ахақәиҭтәразы излагаз ажәылара хыркәшан аиааирала.
Цәыббра 16 рзы излагаз ажәыларақәа мҩаԥысуан Ачадара-Лечкоптә, Аҩадатәи, Алашарбагатәи ахырхарҭақәа рыла.
Ажәылара напхгара арҭон атәылахьчара аминистр, аинрал-моиор Султан Сосналиеви Аԥсны атәылахьчара Аштаб хада аиҳабы, аинрал-моиор Сергеи Дбари.
11 мш ицоз аибашьра иалҵшәаны, аԥсуа еибашьцәа аӷа дԥыххаса дықәҵаны аҳҭнықалақь Аҟәа ахы иақәиҭыртәит. Аиҳабыра рыҩны ахыбра иахашәыр-шәырит Аԥсны аҳәынҭқарра абираҟ.