Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Агәымшәараз амедал занашьоу Клавдиа Чрыгба арадио Sputnik Аԥсны апроект "Дцон аԥҳәызба еибашьра" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит, аибашьра лхәыҷи лареи шеиҟәнагаз, шықәсык инацны лҭаацәа лыӡбахә шырзымдыруаз, афронт ахь лцара шыҟалаз, аҭынчԥсҭазаара дшашьцылоз.
Аибашьра ианалага Клавдиа Аҟәа дыҟан. 9 шықәса зхыҵуаз лыҷкәыни лаҳәшьеи иалганы Баслахәҟа лҭаацәара рахь илышьҭит, уа иаҳа ишәарҭам ҳәа иԥхьаӡаны. Лыуацәа зегьы Мрагыларатәи афронт аҿы иҟан, лара Гәымсҭатәи афронт аҿы данеибашьуаз.
Клавдиа еиҭалҳәоит аибашьраҿы аԥышәа ҳәа акгьы шлымамыз, аха "ԥхьаҟа" анырҳәалак ажәылара ишцоз.
"Ахәцәагьы алаҳгон, ҳагьеибашьуан", - ҳәа инаҵылшьит лара.
Аҵыхәтантәи ажәылара лгәаларшәо аветеран еиҭалҳәеит ахәра шлоузгьы ахәшәтәырҭахь дшымцаз, абас аиааира агара ишазыԥшыз.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.