Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Чхамалиа иусумҭа "Аибашьра ахәыҷы иблақәа рыла" иазкны

Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵатә проект "Агәалашәара наунагӡоуп" аӡыргара мҩаԥган цәыббрамза 27 рзы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы. Ицәыргоу аусумҭақәа руак "Аибашьра ахәыҷы иблақәа рыла" аира шыҟалаз, иаанарԥшуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аусумҭа автор Руслан Чхамалиа.
"Аибашьра атема 1993 шықәса раахыс асахьаҭыхыҩцәа дарбанзаалакгьы зегьы ргәы иҵхоит, аибашьра иазку арҿиамҭақәа рыҟаҵара рнапы алакуп. Ари ус иаарласны иҟалаз рҿиамҭаӡам, аескизқәа, асахьеинырслақәа ирацәаны аус рыдулара мҩаԥысуан. Ус еиԥш иҟоу аԥсҭазаара ахаҭагьы ублала иумбакәа ус иуаҳаз ажәабжь мацарала ахаҿсахьа аарԥшра уадаҩуп. Аибашьраан ус еиԥш ахаҿсахьақәа рацәаны иуԥылон абзарбзанқәа анԥжәоз, аибашьыгатә ҳаирпланқәа арҭҟәацгақәа анкарыжьуаз. Саргьы урҭ изныкымкәа срықәшәахьан, аха ус убла иабеит ҳәа иаразнак асахьахь иузыиагом. Ирҿиамҭахарц азы ишәыруп, ухы-угәаҿы арҿиамҭа зеиԥшрахаша инықәырԥшшәа ишьақәгылароуп. Раԥхьатәи асахьеинырсла ари арҿиамҭазы саналага 5-6 шықәса ҵуазар ҟалап, сынтәа Аиааира 30 шықәса ахыҵра ахьӡала исзынагӡозар ҳәа сгәы иҭан, ацәыргақәҵахь иназгеит, уажәшьҭа ахәаԥшҩы иахыиҳәаауа ауп аус злоу", - иҳәеит Чхамалиа.
Асахьаҭыхыҩ ацәыргақәҵаҟны иӡыригеит аҩбатәи иусумҭагьы "Иԥшу ан".
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа "Агәалашәара наунагӡоуп" аус аулоит жьҭаара 15 рҟынӡа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.