Аԥсны

Аекономика аминистрра Аиааира Амш аламҭалаз ареспубликаҿы имҩаԥгоу аусурақәа ирылацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 30-шықәса ахыҵра аламҭалазы Аԥсны иахьаҵанакуа имҩаԥысуа аиқәыршәазааратә усурақәа ркомплексқәа рзы адырра ҟанаҵеит аекономиа Аминистрра.
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара иазку Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны Ԥсоуи Аҟәеи еимаздо ареспубликатә трасса алашаратә система шьаҭанкыла еиҭашьақәыргылоуп, Аҟәеи Очамчыреи еимаздо атрасса ахәҭа алашаратә усурақәа хыркәшоуп.
Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥсныавтомҩа" Ԥсоуи Егри еимаздо ареспубликатә траса иахьаҵанакуа амҩа иахьаԥну мҽхакы ҭбаала арыцқьаратә, ашәратә, амҩатә дыргақәа рышьақәыргыларатә, уҳәа аусурақәа мҩаԥнагеит.
Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥсны аихамҩа" амчала имҩаԥгоуп Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟоу аихамҩатә вокзал шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара, Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу аихамҩатә вокзал аҿы аиҭашьақәыргылара-рҽеиратә усурақәа, аплатформа "Абаҭаа" аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, иара убас Аҟәеи Афон ҿыци ақалақьқәа рҿы аихамҩатә станциақәа жәаба рестакадақәа реиҭашьақәыргылареи атерминал-логистикатә Центр "Аҟәа" аидарақәа рышьҭаҵарҭа шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылареи, Гәымсҭа аӡиас иху аихамҩатә цҳа шәуп.
Аҟәа ақалақь аҿы Аинвестициатә программа ахарџь ала ақалақь аӡымҩангагатә система, ацрыҵмҩангагатә система, амҩадуқәа рҿы аҩарҭҳәаақәа шьаҭанкыла реиҭашьақәыргылара мҩаԥгоуп, Џьонуеи Гәлиеи рымҩақәа рҿы ашьаҟамҩатә хаҳәцәы ашьҭаҵара иазку аусурақәа хыркәшоуп. Воронов имҩаҿы акоммуникациақәа рыԥсахра нап алакуп.