АҞӘА, цәыббра 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Нхыҵ Кавказтәи аделегациа алахәылацәа Адыгеиа ахада Мураҭ Кумпилов, Ҟабарда-Балкариа ахада Казбек Коков, Ҟарачы-Черкесиа Апарламент ахантәаҩы Александр Иванов идикылеит.
"Агәахәара ду сызцәырнагоит раԥхьаӡа акәны абасеиԥш аныҳәатә ҭагылазаашьа аан шәахьсыдыскыло. Бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит. Иҭабуп ҳәа сҳәоит шәара шәеиԥш аишьцәа ахьҳавагылоу. Ҳара уи гәадураны иҳаԥхьаӡоит. Ас сара сымацара сакәӡам ихәыцуа, ас ихәыцуеит Аԥсны атәылауаа зегьы", - иҳәеит ахада.
Адыгеиа ахада Мураҭ Кумпилов иҳәеит 30 шықәса раԥхьа Аԥсны ажәлар рзы ишыҟалаз аҵак ду змоу ахҭыс.
"Ҳара ҳаигәырӷьоит Аԥсны иахьа абасеиԥш аҿиара ахьамоу, ԥхьаҟа иахьцо. Ҳара еснагь ҳшәывагылазаауеит. Аслан Гьаргь-иԥа, шәара шәҿырԥшыгоуп аиҩызареи аидгылареи рзы", - иҳәеит Кумпилов.
Ҟабарда-Балкариа ахада Казбек Коков иазгәеиҭеит ареспубликақәа ҭоурыхлагьы, шьалагьы акзаара шрымоу.
"Ҳәарада, ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы иҳарҿиалоит, еиҵагыло абиԥарақәа ирызнаагоит", - иҳәеит иара.
Ҟарачы-Черкесиа Апарламент ахантәаҩы Александр Иванов иҳәеит Аԥсни Ҟарачы-Черкесиеи аханатәгьы аимадара бзиа шрымаз.
Аслан Бжьаниа "Аиааираз" амедал ианеишьеит Ҟарачы-Черкесиа аиҳабыра рхада Мураҭ Озов.
Ҟарачы-Черкесиа аделегациагьы Аслан Бжьаниа ианаршьеит аорден " Ҟарачы-Черкесиатәи ареспублика аҿаԥхьа алшамҭақәа рзы".