Аԥсны

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа ашәарҭадара аусхк иалацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥган Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоеви реиԥылара.
Арӡынба ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа алахәылацәа аныҳәатә уснагӡатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа иахьааз.
Аминистрцәа алацәажәеит ашәарҭадара аусхк аҟны аҭагылазаашьа, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа распектқәа.