Аԥсны

Гәдоуҭа жьҭаарамзазы аԥсшьараз иалыркааз зыхә ҳараку ахырхарҭақәа жәаба ирыҵанакит

Аԥхынра шиасхьоугьы Аԥсны акадифаамҭа агәахәара унаҭо иҟоуп. Гәдоуҭа жьҭаарамзазы аԥсшьараз иалыркааз зыхә ҳараку ахырхарҭақәа жәаба ирыҵанакит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Гәдоуҭа жьҭаарамзазы урыстәылаа аԥсшьараз иалыркааз зыхә ҳараку ахырхарҭақәа жәаба ирыҵанакит ҳәа аанацҳауеит амаҵзура Tvil.ru.
Аԥсуа курорт асиаҿы аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит. Иара иаԥхьанеиуеит: Сортавала, Домбаи, Абрау-Диурсо. Иашьҭанеиуеит – Архыз.
Сортавала уахыктәи аԥсшьара иахыршәаароуп 5435 мааҭ. Реиҳа зыхә мариахаз Владивосток акәхеит. Ара аԥсшьаразы атуристцәа иршәароуп бжьаратәла 4 000 мааҭ.