Аԥсны

Иумит Ашәба: Ҭырқәтәыла инхоз аԥсуаа-адыгаа зегьы ҳара иҳадгылан

Sputnik
Иумит Ашәба Ҭырқәтәылантәи иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь раԥхьаӡа акәны еибашьра даар акәхеит. Иара арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит уи аԥхьа Аԥсныҟа иаауаз ацхыраара аизгара аус дшаҿыз, анаҩс еиҳа схәарҭахап ҳәа Аҟәа ахақәиҭтәра аламҭалаз дааны, иашьцәа дышрывагылаз. Еиҭеиҳәеит урҭ ахҭысқәа рахьтә еиҳа игәалашәараҿы инхаз. Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.