Аԥсны

Путин Бжьаниа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш идиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш Аслан Бжьаниа идиныҳәалеит.
Аԥсуа жәлар 30 шықәса раԥхьа зых иақәиҭу аҭынч ԥсҭазаара азин ргеит хацәнымырхалатәи реибашьраҿы ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла ахада.
Иара иҳәеит атәылақәа рыҩба рыбжьара аизыҟазаашьақәа шыҿио аиҩызареи апартниорреи рҟазшьала, агәыӷра ааирԥшит ԥхьаҟагьы аконструктивтә ҟазшьа змоу ҩ-ганктәи аимадарақәа хырхарҭа рацәала ишыҿио азы.
"Ишьақәсырӷәӷәар сҭахуп Урыстәыла ишагәҭаку Аԥсны аиҳабыреи ажәлари ԥхьаҟагьы ацхыраара рыҭара актуалра змоу асоциал-економикатә усқәа рыӡбараҿи амилаҭтә шәарҭадара аиҿкаараҿи", - ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҿы.
Цәыббра 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵра амш, имҩаԥысуеит агәалашәаратә уснагӡатәқәа.