Аԥсны

Арратә техникеи "Ԥсра зқәым архәҭеи": Аиааира Апарад

Аԥсуа жәлар иазгәарҭеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра.
Sputnik
1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира Амш - Аԥсны реиҳа акрызҵазкуа аныҳәақәа ируакуп. Цәыббра 30 рзы атәыла ахи-аҵыхәеи иахьабалак агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿкаауп.
Ахақәиҭра ашҭа ианысит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи аныҳәа аҽалархәразы ареспубликаҟа иааз ахатәгәаԥхаҩцәеи.
Ахақәиҭра ашҭахь инаргеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟи Аиааира абираҟи. Атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи апарад анапхгаҩы Беслан Ҵәыџьбеи рмашьынақәа еиԥылеит. Ҵәыџьба адырра ҟаиҵеит апарад иалахәу аусбарҭақәа зегьы уи ақәсра ишазхиоу.
Апарад иалахәын Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архәҭақәа зегьы, иара убас амчратә усбарҭақәа зегьы рхаҭарнакцәа - Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, Амиграциатә маҵзура, Аҳазалхратә еилакы, АҶА, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура, иара убас ихьанҭоу атехникеи авиациеи. Аныҳәатә ныҟәарақәа аадыртит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи аныҳәатә усмҩаԥгатә рхы аладырхәырц ҳреспублика иаҭааз ахатәгәаԥхаҩцәеи.
Раԥхьаӡа акәны сынтәа Аиааира апарад иалахәуп Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу ҩ-гәыԥк, урҭ ирылахәуп иҷыдоу аҟәша аибашьцәеи амилициа ашкол акурсантцәеи.
Есышықәса ишаԥу еиԥш, сынтәагьы апарад иалахәуп 7-тәи аурыс арратә базеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ иатәу Аҳәаахьчаратә маҵзура, иара убас ареспубликаҿы инхо аказакцәа.
1 / 30

Аԥсуа иазгәарҭеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра.

2 / 30

Апарад иалахәын Аԥсны Атәылахьчара иатәу архәҭақәа зегьы, иара убас амчратә усбарҭақәа.

3 / 30

Раԥхьаӡа акәны апарад иалахәын урыстәылатәи арра-мшынтә флот иатәу аракетатә ӷба "Циклон" аруаа.

4 / 30

Апарад аан ашҭа иқәыҩуан арратә шәақәа.

5 / 30

Атәылахьчара аминистрреи урыстәылатәи Абыжьбатәи арратә базеи роркестр апарад иалан.

6 / 30

Архәҭақәа шьапеиқәшәала Ахақәиҭра ашҭа ианысит Аиааира апарад аан.

7 / 30

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, арратә парад иалахәын 1500-ҩык аррамаҵзурауааи амчратә усбарҭақәа русзуҩцәеи.

8 / 30

Апарад иалахәын - Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, Амиграциатә маҵзура, Аҳазалхратә еилакы, АҶА, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура, иара убас ихьанҭоу атехникеи авиациеи.

9 / 30

Аибашьра аветеранцәа Ахақәиҭра ашҭа ианысит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟи Аиааира абираҟи шьҭыхны.

10 / 30

Апарад иалахәын иара убас арратә уалԥшьа назыгӡо аҳәса.

11 / 30

Апарада идикылеит Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.

12 / 30

Апарад анапхгаҩы - Беслан Ҵәыџьба.

13 / 30

Раԥхьаӡа акәны сынтәа Аиааира апарад иалахәуп Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу ҩ-гәыԥк, урҭ ирылахәуп иҷыдоу аҟәша аибашьцәеи амилициа ашкол акурсантцәеи.

14 / 30

Цәыббра 30 рзы атәыла ахи-аҵыхәеи иахьабалак агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿкаауп.

15 / 30

Апарад иалахәын 7-тәи аурыс арратә базеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ иатәу Аҳәаахьчаратә маҵзура, иара убас ареспубликаҿы инхо аказакцәа.

16 / 30

Апарад иалахәын амаҵзура ҷыда "Ахьшь".

17 / 30

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аиааира 30 шықәса ахыҵра ажәлар ирыдиныҳәалеит.

18 / 30

Ахақәиҭра ашҭа иқәсит Аԥсны атәылахьчара иатәу арратә техника.

19 / 30

Иара убас ацәаҳәа иқәсит аршьаҟауаа рырратә машьынақәа, атанкқәа, артиллериа, ашьақәгылақәа "Град".

20 / 30

Ахҭыс иахәаԥшырц инеит зықьҩыла атәыла ауааԥсыра.

21 / 30

Хәыҷи-дуи еизеит Ахақәиҭра ашҭаҿы.

22 / 30

Аибашьраан аԥсуа еибашьцәа акымкәа-ҩбамкәа аӷацәа атанкқәа рымырхит.

23 / 30

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахеит 40-ҩык атанкистцәа.

24 / 30

Раԥхьаӡа акәны апарад иалахәын Аслан Бжьаниа инапынҵала иаԥҵаз аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа равиациатә ескадрилиа.

25 / 30

АН-2 аҟынтәи Ахақәиҭра ашҭаҿы итәеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра
апарашиутистцәа.

26 / 30

Апарад иалахәын аԥсуа авиациа.

27 / 30

Апарашиутистцәа 1500 метра иҟоу аҳаракыраҟынтәи иԥаны, аԥсуа бираҟ рыманы итәеит Ахақәиҭра ашҭаҿы .

28 / 30

Иара убас ашҭа иқәсит "Ԥсра зқәым архәҭа".

29 / 30

Шәҩыла ауааԥсыра аибашьраан иҭахаз рҭынхацәа рфотосахьақәа шьҭыхны имҩасит.

30 / 30

Аныҳәатә уснагӡатә ахыркәшамҭаз Аԥсны Аҽыбӷаҟазаратә спорт Афедерациа аҽыҩҷкәынцәа ашҭа иқәсит.