Арадио

Алҭеиба аибашьраан иус азы: ашәа шԥасҳәо, анҵәара ҳаҿуп ҳәа схәыцуан, аха нас еилыскааит

Sputnik
Анатоли Алҭеиба аибашьра анцоз аамҭазы раԥхьатәи иашәа "Ахәрашәа" шыиҩыз, апозициақәа рахь дцаны ашәақәа рынагӡара дшалагаз, уи аамҭазы игоз ахқәа рыбжьы дышрышьцылоз, ҳџьынџьуаҩ ҳамҭас ииҭаз агитара шыихьчоз, насгьы инаигӡоз аус аҵакы анеилкаа, атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Анатоли Алҭеиба аибашьра ишалагаз атәы ажәабжь иаҳаит Ҭырқәтәыла дшыҟаз. Иара уахьынтә 40-ҩык Аԥсныҟа еибашьра ҳәа иаауаз ҳџьынџьуаа раԥхьатәи ргәыԥ дацааит. Ҩымз абџьар аус рыӡбон, иааз зегьы аӡәгьы еибашьра ҳзымцаӡеит, ҳәа игәалаиршәоит иара.
"Сара ҳахьыҟаз асасааирҭаҿы ихараз уадак аҿы стәаны сгәы иҭыхоз, схьаақәа зегьы ашәала агитара иасырҳәон. Исыҩуан, ишьҭасҵон, сыбжьы аӡәы иаҳаргьы сшәон, ауаа анынҵәо аамҭазы уара утәаны ашәа аҩра, дхагамзар, даҽакала ухахьы иузаагаӡомызт. Зны агоспиталь ахь сцеит, убра ихәны иааргоз аҷкәынцәа ирҳәоз, избоз зегьы, ан иҭахаз лыҷкәын изы илҳәоз, ихәыз аибашьцәа ражәақәа зегьы схаҿы инхеит. Убри анысҵеит. Агитара анааскы ахала ашәа иит, сылаӷырӡқәа сҿыҳәҳәы. Ахы инаркны изҩыз убри раԥхьатәи ашәоуп. Иахьа уажәраанӡа абри ашәа џьара ианысҳәо схәы-сжьы еиламгылар ауӡом", – ҳәа еиҭеиҳәеит Алҭеиба.
Анатоли игәалаиршәеит раԥхьаӡа акәны ахҵәацәа рзы ашәақәа шынаигӡаз, ус еиԥш дымҩақәызҵаз, насгьы ауаа иашәақәа шрыдыркылаз.
"Нас, игәасҭаз сыздырым, ахырӷәӷәарҭахь саарыԥхьан, иахьарнахыс бџьарс уара иумоу абри ауп рҳәан, адҵа сыҭаны срышьҭуан ашәаҳәара. Аҷкәынцәа иааны сыргозгьы ыҟан", - ҳәа иҳәеит Алҭеиба.
Иара иазгәаиҭоит раԥхьатәи ашықәс азбжа дызҿыз шизымдыруаз, иҟаҵа ҳәа сарҳәон, иҟасҵон, нас шаҟа гәырӷьара рызнауго анубалак, еиҭа иҟасҵандаз ҳәа ахәыцра уалагоит, ҳәа наҵишьит Анатоли аиҿцәажәараҿы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.