Аԥсны

Аԥсуа иашҭа: Аҟәа Аиааира Амш азгәарҭоит

Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аҳаҭыр азы Аԥсны аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа еиҿыркааит.
Sputnik
АҞӘА, – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Аԥсуа иашҭа" аатит Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы.
Аҳҭнықалақь анхацәеи асасцәеи алшара рыман аԥсуа чыс агьама рбар, Аиааиразы аныҳәаҿа аҩы цқьа ауадка цеҩцеҩла ишьҭырхыр.
Зегь здызԥхьалаз ак акәхеит - аҵәы иахаҵаны ирӡуаз ацә. Иара убас ара ирацәан еиуеиԥшымыз ачыс хкқәа.
Аҟазаратә коллективқәа амилаҭтә кәашарақәеи ашәаҳәарақәеи нарыгӡон. Аԥшаҳәаҿы иуаҳауан аибашьра иалиааз ашәақәа.
"Аԥсуа иашҭа" даҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы иааз аҳәаанырцәтә делегациақәа иманы.