Арадио

Аветеранцәа Гьемуеи Багаҭелиеи иҭахаз аибашьцәа ргәалашәарақәеи аӷа игыгшәыгреи ирызкны

"Агәымшәаразы" амедал занашьоу Игор Гьемуеи Леон иорден занашьоу Нодар Багаҭелиеи арадио Sputnik аефир аҿы иргәаладыршәеит Мрагыларатәи афронт аҿы иҟаз аибашьратә хҭысқәа ртәы, еиҭарҳәеит аҷкәынцәа иаадырԥшуаз агәымшәареи аӷа игыгшәыгреи ртәы.
Sputnik
Аибашьра ахҭысқәа ртәы еиҭаҳәо, Нодар Багаҭелиа иҳәеит иара еиҳабык иаҳасабала иҭахаз аҷкәынцәа рҭаацәақәа рахь дшырышьҭуаз, урҭ рыдгылара, рыбла аҭаԥшра иахьа уажәраанӡагьы ишицәыцәгьоу.
Игор Гьемуа аибашьра ианалага 19 шықәса ихыҵуан. Иара игәалаиршәеит уи ажәабжь шиаҳаз, абџьар дшаҵагылаз.
Аветеранцәа еиҭарҳәеит бџьарда ианеибашьуаз аамҭа атәы, Аиааира ишырнаҭоз агәымшәареи афырхаҵареи рааԥшра.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.