Урыстәыла

Анкара атҟәацра ҟалеит

Атеррористцәа аӡәы иҽԥижәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбра аҿаԥхьа, аҩбатәи аусбарҭа аусзуҩцәа ддырҭаслымит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 1- Sputnik. Ҭырқәтәыла аҳҭнықалақь Анқара агәҭа атеракт ҟалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Ҭырқәтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Али Ерликаиа шьаҭас дганы.
Атеррористцәа аӡәы иҽԥижәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбра аҿаԥхьа, аҩбатәи аусбарҭа аусзуҩцәа ддырҭаслымит.
"Асааҭ 09:30 рзы (москватәи аамҭа иақәшәоит - аред. азгәаҭа) ҩыџьа атеррористцәа амашьына лас иакәтәаны АҩАр ахьчаратә усбарҭа хада агәашә аҭаларҭаҿ иԥыржәеит. Атеррористцәа руӡәк иҽԥижәеит, аҩбатәи ддырҭыслымит", - ҳәа иҳәеит АҩАР аиҳабы.
Иазгәаҭоуп, аиҿахысраан ҩыџьа аусбарҭа аусзуҩцәа ахәрақәа шроуз.