Арадио

Ҟарданԥҳа Аԥсны зхы ақәызҵаз лаҳәшьаԥа изы: дҿарҳәаргьы Ҭырқәтәыла дшаанымхоз иҳәеит

Sputnik
Аԥсны Жәлар рџьыынџьтәылатә еибашьраан иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахьчара дааит, Аԥсны ахақәиҭра ихы ақәиҵеит "Агәымшәараз" амедал занашьоу Зафер Аргәын. Иан лаҳәшьа Феарҳунде Ҟарданԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илгәалалыршәеит Зафер Аԥсныҟа еибашьра дшааз, ахәра аниоу ашьҭахь Ҭырқәтәылаҟа инеираан реицәажәара.
Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵит. Блала зҭоурыхтә ԥсадгьыл зымбацкәа Ҭырқәтәылантә иааны зхы ақәызҵаз аҵеицәа, ауасиаҭ рнапы аҵаҩны инрыжьит, аибашьраҿы иҭахозар, аԥсуа дгьыл аҟны иржырц.
Зафер Аргәын 1968 шықәсазы Ҭырқәтәыла, Мезиҭ ақыҭан диит. Август 25, 1992 шықәсазы зыԥсадгьыл ахьчара иааз аибашьҩы дрылахәын Гагратәи аоперациа, ноиабр азтәи Шроматәи ажәылара, март 15-16 рзтәи Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара. Зафер дҭахеит лаҵара 5, 1993 шықәсазы.
Иан лаҳәшьа Феарҳунде Ҟарданԥҳа арадио аҟны лцәажәараан илгәалалыршәеит аибашьраан Зафер Ҭырқәтәыла иҭаацәа рахь дышнеиз.
"Иан данлацәажәоз иҳәеит "сҿабҳәаргьы сцоит, уа аибашьра ыҟоуп, икажьны ара саанхом" ҳәа. Жәамшҟа раҟара дынхеит, нас деиҭахынҳәит. Раԥхьаӡа Аԥсныҟа аибашьраан ауп данааз. Ихәыҷаахыс ираҳҳәон ҳахьынтәиааз, ҳазхылҵыз, ҳҭаарых. Сабду 12 шықәса ихыҵуан абрантәи даннеи. Уи иабацәа ара ижуп, ҳаԥсадгьыл ауп ара. Уи дҳардыруеит ҳхәыҷқәагьы. Аҩынтәраан арахь данаауаз "Анцәа шәихьчааит" ҳҳәеит, уаҳа иаҳҳәарыз, "умцан" ҳҳәаргьы даауан. Рыдгьыл ара иҟан, рыԥсра ара иҟан. Уахь инаргар ҳҭаххеит, аха дара ашәҟәы рыҩҩит "ҳҭахар, ара ҳаржааит" ҳәа. Иан ара данаа, напык азна инышә лыкәа иҭаҵаны иналгеит уахь даннеиуаз. Уи лыкәа иҭаны дышьҭоуп. Араантәи даннеи дычмазаҩхеит, аиарҭа дамоуп. Ҳаԥсы ара иҟоуп, аха ианаҳҭаху ҳзааӡом…сабдуцәа рабацәа ахьжу аҭыԥ, ҳахьынтәиааз Аԥсны ишырҳәоз еиԥшцәҟьа ԥшӡароуп, бзиарҭоуп, аринахысгьы аԥшӡара, абзиара шәыгымхааит", - лҳәеит Ҟарданԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.