Бзыԥтәи абжьаратә школ аҿы ԥшь-музеик аадыртит: Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа ирызку; 1937 шықәсазы хабарда ибжьадырӡыз ирызкны аматериалқәа еидызкыло; Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны иҭахаз ирызку, атәылаҭҵааратә ашколтә музеи.
Бзыԥҭатәи ашкол аҵараҟәша аиҳабы Анжела Барганџьиаԥҳа шықәсырацәала зеидкылара даҿыз аматериалқәа аҩбатәи аԥсҭазаара роуит уажәшьҭа. Арадио Sputnik аефир аҟны лара еиҭалҳәеит амузеиқәа шеиҿкаау.
"Аматериал аидкылара 25 шықәса ақәсырӡит. Ауадаҩрақәа ахьсымаз 1937-тәи ашықәсқәа рзы харада ахара зыдҵаны идырӡыз Бзыԥаа ирызкны аматериал аизгара аҟны ауп. 130-ҩык ҭадырхеит, рсиа шьақәсаргылеит. Рыжәла, рыхьӡ, рабхьыӡқәа иашамкәа иҟан ашәҟәқәа рҿы. Ҩнаҭацыԥхьаӡа снеины, иашаны иҭҵааны, рыхьӡқәа иахьа аҭӡы икыдуп. Егьи аҭӡы рызкуп 1941-1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны иҭахаз Бзыԥаа рҵеицәа. 350-ҩык еибашьра ицаз рахьынтәи 127-ҩык зыхнымҳәӡеит. Афронт аҟынтәи асалам шәҟәқәа иахьа уажәраанӡа еиқәырханы измаз аҩнаҭақәа ыҟан, аекспонатқәа еизызгеит… Алаӷырӡ, агәҭынчымра ацуп, даараӡа иуадаҩын", - лҳәеит Барганџьиапҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.