Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Логәуеи Матуеи ақыҭанхамҩа аҿиара иазырхоу апроектқәа ирызкны

Sputnik
Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр иабжьгаҩ Алик Логәуеи арахәааӡаразы апроект знапы алакәу Ӷәадатәи анхаҩы Роман Матуеи арадио Sputnik аефир аҟны иалацәажәеит ақыҭанхамҩа аҿиаразы Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра имҩаԥнаго апрограмма.
2023 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммала 208 проект азыразра рыҭоуп. Урҭ рҟынтәи 86 проект амеханизациа маҷ ахь иаҵанакуа амаҭәахәқәа 24 миллион мааҭ рыхә аахәоуп ҳәа иҳәеит Логәуа ицәажәараан.
Иара иазгәеиҭеит, 2024 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммазы аминистрра аҟынтәи аҳәынҭқаррахь ашәҟәы шынашьҭу апрограмма 150 миллион мааҭ азоужьхарц.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.