Ашколқәранӡатәи аҵарааӡара аусхк 20 шықәса инарзынаԥшуа знапы алаку Мадонна Учба арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит иахьа ахәыҷқәа аус рыдулара зеиԥшроу, иарбан зҵаароу зыӡбара уадаҩхаз, амч лызҭо атәы.
"Аԥара урҳауеит аџьармыкьаҿы, адәқьан аҿы, аха аԥара сырҳауеит ҳәа ашколи ахәыҷбаҳчеи рахь уцар ҟалаӡом. Ахәыҷбаҳчаҿы иурҳауеит ахәыҷқәа, абзиабара, агәбылра", - лҳәеит лара.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Адырраҭара "Сара сус" аҟны ауаа еиҭарҳәоит рнапы злаку, иалырхыз азанааҭ рыԥсҭазаара иахәҭакны ишыҟалаз, уи иацу акәамаҵамақәеи, иаарԥшыз алҵшәақәеи уҳәа егьырҭ азҵаарақәеи.