Аԥсны

Аслан Бжьаниа Сергеи Лавров аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара ианеишьеит

Аԥсны иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" шьақәырӷәӷәан Апарламент аҿы ажьырныҳәа 10 2002 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара ианеишьеит.

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара ианашьоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵараҿы илшамҭақәеи, Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рырҿиареи рзы илагалақәеи рзы.

Аԥсны иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" (Честь и Слава) шьақәырӷәӷәан Апарламент аҿы ажьырныҳәа 10 2002 шықәсазы. Аорден ранаршьоит Аԥсны ахада иусԥҟала, аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рыҭаразы Аԥсны ахада иҿы иҟоу акомиссиа адгаларала.