Арадио

Аветеран Багаҭелиаԥҳа: Аԥсны ҳхатәы бызшәала ицәажәаларц сҭахуп

Леон иорден занашьоу Иулиа Багаҭелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аибашьра иалагаанӡа иҟаз аԥсуааи ақырҭқәеи реидысларақәа ртәы, иара нанҳәамза 14 шылгәалашәо, насгьы илхамшҭуа аибашьратә хҭысқәа ртәы.
Sputnik
Иулиа аибашьра ҟалаанӡа аҿар ртеатр аҿы аус луан, ахәыҷтәы студиагьы еидкыланы илыман. Уимоу Санкт-Петербург арежиссиор изанааҭ ала аҵара дҭалахьан, аха уахь лцара залмыршахеит.
Иулиа нанҳәа 14 Ацҳа ҟаԥшь аҿы данааизгьы агәра лызгомыз аибашьра ишалагаз атәы, амза 17-нӡа Аҟәа дыҟан, анаҩс Гәдоуҭаҟа дцоит.
Иулиа Багаҭелиаԥҳа Ешыра-Афонтәи абаталион дшацлаз, Камани, Шромеи, Аҳбиуқи рҭарцәраан аԥсра абла ишхаԥшылаз, агәыԥ аҿы аҭыԥҳацәеи аибашьцәеи ирыбжьаз аиҩызареи аизыҟазаашьақәеи ртәы еиҭалҳәеит аиҿцәажәараҿы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.