Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови Шәача еиԥылеит жьҭаара 3 рзы. Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа аконсультациақәа рыплан рнапы еицаҵарҩит. Убасгьы Кремль апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, Урыстәыла ахада Владимир Путини Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи еиԥылараны иҟоуп жьҭаара 4 рзы. Арҭ ахҭысқәа арадио Sputnik аефир аҟны рыхҳәаа ҟаиҵеит аполитолог Беслан Ҳагба.
"Урыстәылеи Аԥсни реиҳабырақәа реиԥылара ахҭыс аныҟало, даараӡа акраҵанакуеит. Адунеи аҟны имаҷӡоуп Аԥсны азхаҵаны ас еиԥш аиқәшаҳаҭра зыбжьоу аҳәынҭқаррақәа. Урыстәыла ду иагаз аҭакԥхықәара ашәарҭадаразы, асоциал- економикатә еизҳара аганахьала, иара Аԥсны ашьақәгылара аԥхьа инаргыланы изыбзоуроу дара роуп. Арҭ аиԥыларақәа баша еицәажәараны иҟалаӡом, ҽырԥшӡараӡам. Аԥсны аизҳазыӷьаразы, ашьақәгыларазы раԥхьатәи ашьаҿақәа роуп макьана иҟаҳҵо, ирацәаны апроблемақәа цәырҵуеит, аилымкаарақәа", - иҳәеит аполитолог.
Иара иазгәеиҭеит арҭ аиԥыларақәа ҩаԥхьа ишышьақәдырӷәӷәо Аԥсны Урыстәыла аганахьала иаиуз азхаҵара.
"Ҳакәша-мыкәша имҩаԥысуа ахҭысқәа ирыхҟьаны дырҩагь иахәаԥшны (Аԥсны астатус- азгәаҭа), еиҭакрақәак аиуеит ҳәа ҳаҩныҵаҟа иҟалало ашәарақәа, ацәажәарақәа наҟ инкажьны дырҩегь ишьақәырӷәӷәахоит Аԥсны исуверентәу республикоуп ҳәа нагӡара шаиуо. Сара убас агәра згоит", - иҳәеит Ҳагба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.