Урыстәыла

"Қырҭтәылатәи амилаҭтә легион" ахада иԥшаара рылаҳәоуп Урыстәыла

Уаанӡа Урыстәыла АЕ ашьауӷатә ҭакԥхықәра даҵанаркит Мамука Мамулашвили.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 4 – Sputnik. "Қырҭтәылатәи амилаҭтә легион" ахада иԥшаара рылаҳәоуп Урыстәыла ҳәа аанацҳауеит УА АҩАР.
Ушанги Мамулашвили Украина аибашьразы Қырҭтәыла ауааԥсыра хихуеит.

"Аԥшааратә ҵаҵӷәы: АЗ ахәҭаҷ инақәыршәаны ашьҭазаара рылаҳәоуп", - аҳәоит асаит.

Цәыббрамзазы Қырҭтәыла АШәМ алаҳәара ҟанаҵеит Мамулашвилии егьырҭ ахаҿқәеи жьҭаара-ԥхынҷкәынмза рыҩнуҵҟа мчыла атәыла амчра ахҳәаразы ауснагӡатәқәа рыгәҭакуп ҳәа.
АШәМ аҟны ишьақәдырӷәӷәоит арадикалцәа аҳҭнықалақь аҿы амшьамбақәа ргыланы акциа мҩаԥыргоит, арҭҟәацгақәа ԥыржәоит аԥсҭбарақәа ҟаларц, уи иахҟьаны аилаҩеиласрақәа ҟалоит.